Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Давосс ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ripple агенералтә директор Бред Гарлингхаус диҧылеит.
Аҧыза-министр Ripple агенералтә директор идигалеит Қырҭтәылаҿ ари аилахәыра асервистә центр аартра, иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аинвестициатә ҭагылазаашьа бзиоуп, атәыла астратегиатә ҭыҧаҿы ишьҭоуп.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ақырҭуа џьармыкьа ацифратә активра аҿиаразгьы иманшәалоуп, ирласны аҿиара иаҿуп. Ишазгәаҭаз ала, аҧышәа ду змоу, аконкуренциа зылшо аҿартә ауаҩытәыҩсатә капитал ду ала, Қырҭтәыла, афинанстә маҵзуреи, атехникатәи аинновациатәи индустиақәеи рганахьала, аглобалтә регионалтә, афункциарацәаратә центрс ишьақәгылоит.
Ripple — идуӡӡоу америкатә блокчеин-еилахәыроуп, 20 миллиард адоллар еиҳаны аџьармыкьатә капитал амоуп. Аилахәыра аус ауеит идуу европатәии америкатәи атәылақәа рҿы, Америкеи, Мексикеи, Британиа Дуи, Франциеи, Ирландиеи, Италиеи нрылаҵаны.