Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра абзоурала ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра иаҳа иҭбаахеит
«2018 шықәсазы Қырҭтәылеи Китаии зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазкны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра инаркны иахьанӡа, ҳтәылақәа рыбжьара есышықәсатәи ахәаахәҭра арбага 2 миллиард адоллар аҟынӡа ишьҭыҵит, ари аиқәшаҳаҭра абзоурала, ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра иаҳа иҭбаахеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Китаитәи Жәлартә Республика ашьаҭакра инаркны 74 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз аофициалтә адкылараҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара аусеицура иҳаракӡоу аиҳабыратә аҩаӡараҟны имҩаҧысуеит; еиуеиҧшым аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, арегионқәеи ари апроцесс активла иалахәып, абри аганрацәалатә усеицура ибзиаӡаны аанарҧшуеит ҳара иаҳзеиҧшу ахықәкқәа ҳшырзыразу.
«Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара аусеицура иҳаракӡоу аиҳабыратә аҩаӡараҟны имҩаҧысуеит; еиуеиҧшым аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, арегионқәеи ари апроцесс активла иалахәып, абри аганрацәалатә усеицура ибзиаӡаны аанарҧшуеит ҳара иаҳзеиҧшу ахықәкқәа ҳшырзыразу. .
Аҩызцәа, ҳара акультуреи аҵареи аусхкқәа рҿы Китаи аҟны аусеицура ҳадгылоит. Қырҭтәыла ауааҧсыра китаитәи абызшәеи акультуреи ирызҿлымҳауп, уи ҳтәылақәа руааҧсыра рыбжьара аимадара ҕәҕәа ашьақәыргыларазы ашьаҭа аҧнаҵоит.
Убри аҟынтә, абри зегьы иазҧхьагәагәаҭаны, уажәааны ҳара Китаи атәылауаа авизадатә режим рзышьақәҳаргылеит. Ари аӡбара алагьы иубарҭоуп ҳара ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ҳшазыразу. Ари аинициатива акультуратә аимадарақәа рырҕәҕәареи ҳтәылақәа рыбжьара атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳареи иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит.
Агәра ганы сыҟоуп ҳстратегиатә партниорра иаҳа ишыҕәҕәахо, ҳмилаҭ дуқәа ашәҭыкакаҷреи ахырҳагареи рзаанагоит», — иҳәеит аҧыза-министр.