Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи Азербаиџьани ауникалтә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит
Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи Азербаиџьани ауникалтә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит

  

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани рекономикатә усеицура ҕәҕәоуп, астратегиатә партниорра рыбжьоуп, аха, зегьы реиҳа ихадоу – аиҩызароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз ақырҭуа-азербаиџьантәи аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәараҿы.  

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани ауникалтә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа иҧышәоуп аҵыхәтәантәи хәышә шықәса рыҩныҵҟала. 

«Ҳара аиҩызара ҕәҕәеи аигәылареи ҳабжьоуп. Мчыбжьқәак раҧхьа Илҳам Алиев дҳадаҳкылеит, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит, ари авизит аҵакы ду аман. Ҳара уажәы имҩаҧысуа астратегиатә проектқәа апланқәеи ҳрылацәажәеит, иахьагьы урҭ рылацәажәара наҳагӡоит. 

Гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи аамҭазы азеиҧш комиссиа аилатәарақәа иаҳа активла ишымҩаҧысуа. Ҵыҧх ари акомиссиа аилатәара салахәын. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп сынтәа ҳара ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра шазгәаҳҭо. Ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи аилыбакаареи аиҩызареи рыбжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа есааира иаҳа аиҕәҕәахоит.  Иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит. Ари ахықәкы ҳзеиҧшуп, аекономикатә азҳара дуи ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи азы шьаҭас иҟалаша, иҭышәынтәалоу арегион ҳбар ҳҭахуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.