Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәылеи Америка рстратегиатә партниорра 30 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаҧгаз Аидгылара аконцерт аҿы дыҟан

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәылеи Америка рстратегиатә партниорра 30 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаҧгаз Аидгылара аконцерт аҿы дыҟан. Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Аопереи абалети ртеатр аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә еиҿкаан Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭеи Америкатә культура ацентри рыла.

Инагӡан Қырҭтәылеи, Америкеи, Украинеи рхьыӡрашәақәа.

Аҧыза-министр ицны Аидгылара аконцерт аҿы иҟан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнани, Қарҭ ахада  Каха Калаӡеи, атәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчреи адипломатиатә корпуси  ахаҭарнакцәеи.