Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Павел Герчински диҧылеит.
Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рассоциациа аусхәаҧштә ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьарала, Европатәи ахеилак ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу, насгьы, Европатәи ахеилак аӡбара ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит Евроеидгыла алалара аҟынӡа Қырҭтәыла иназгаша аетап ҿыц алагаразы.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракуп, Қырҭтәыла европатәи амҩа ианыланы ҧхьаҟацара иаҿуп. Аҧыза-министр Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Иракли Ҕарибашвили Павел Герчински иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.