Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдиныҳәалеит.
«Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдысныҳәалоит!
Ҳаиқәырхаҩ Иира – аиашахаҵаратә дунеи азы идуӡӡоу ныҳәоуп, Қырҭтәыла ари аныҳәа ду ҳгәырҕьаҵәа иазгәаҳҭоит. Иаса Қьырса иира – абзиабареи абзиареи ианыҳәоуп, ари аныҳәа еснагь ҳаҧылоит агәыҕрақәеи абзиара ақәгәыҕреи ала. Анасыҧи, агәырҕьареи, апрогресси шәзеиҕьасшьар сҭахуп! ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит!» — иануп аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.