Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла агеополитикатә проблемақәа раамҭа иҭагылоуп, ҳара ари аетап аҟәышреи ачҳареи рыла ахысра иаҳуалуп
«Сара сзы ҳаҭыр дууп Қарҭ Франкофониа Апарламенттә Ассамбелиа асессиаҿ ақәгылара. Ари асессиа Қырҭтәыла амҩаҧгара ҳтәылазгьы ҳаҭыр дууп. Франкофониа Апарламенттә Ассамблеиа асессиа Қарҭ амҩаҧгара аидеиа зтәыз ауаа зегьы, ассамблеиа ахада, иахьатәи ауснагӡатә аиҿкааҩцәа, еиуеиҧшым аконтинентқәа рҟынтәи ауаажәларра ахаҭарнакцәа, иара убас, ҳдепутатцәа, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Ҕарибашвили иҳәамҭала, уажәы Қырҭтәыла агеополитикатә проблемақәа раамҭа иҭагылоуп, атәыла аиҳабыра ари аетап аҟәышреи ачҳареи рыла ахысреи, атәыла аҿиара алшара аҭареи ируалуп.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуп ҳәа дгәыҕуеит.
«Апарламенттә ассамбелиа иалоуп ахақәиҭреи аидгылареи апринципқәа ирызгәыку ауааҧсыра. Шәара абарҭ апринципқәа шәрықәныҟәоит, арҭ апринципқәа ҳара ҳзгьы аҵакы ҷыда рымоуп, ҷыдала уажәы уажәы адунеи изҭагыло аҭагылазаашьаҿы. Қырҭтәыла агеополитикатә проблемақәа ирҭагылоуп. Ҳара ари аетап аҟәышреи ачҳареи рыла ахысреи, атәыла аҿиара алшара аҭареи иҳуалуп. Иара убас, ҳуааҧсыра рҭахрақәагьы наҳагӡароуп.
Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара раҧхьатәи амш инаркны, Қырҭтәыла ҳасабтәс иамоу европатәи аинститутқәа рахь аинтеграциа, ҳара, аинтузиазм дула, агәазыҳәара дула ари амҩа ҳаныланы ҧхьаҟацара ҳаҿуп. Уажәазы ҳара акандидат астатус ҳанашьара иазкны Еврокомиссиа аӡбара ҳазыҧшуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Еврокомиссиантә иҳауз абжьагарақәа рынагӡаразы, ари астатус ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара иалалап ҳәа ҳгәыҕуеит.
Қырҭтәыла ареформақәа рацәа мҩаҧган, Қырҭтәыла акоррупциа иаҿагыланы ақәҧара иаҿуп, абиурократиа излауа ала армаҷразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, абизнес аҿиара ҳацхраауеит, афискалтә политикаҿы ақәҿиарақәа ҳамоуп. Қырҭтәыла ари ассамблеиазы апартниор бзиаҵәҟьоуп. Ҳара, ҳаидгыланы, адунеитә шәарҭадара еиқәҳаршәоит. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп абри аҭоурыхтә аизара алахәызаара сара сзы ҳаҭыр шдуу, гәахәара дула уи сшалахәу», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.