Иракли Ҕарибашвили Наҭиа Турнавеи Леван Давиҭашвилии дрыҳәеит Намахвантәи Гес иадҳәаланы дара рхала ауаа ирҧыларц
Иракли Ҕарибашвили Наҭиа Турнавеи Леван Давиҭашвилии дрыҳәеит Намахвантәи Гес иадҳәаланы дара рхала ауаа ирҧыларц

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Намахвантәи Гес далацәажәеит.

Иара ишиҳәаз ала, ажәлар ирымоу азҵаарақәа зегьы аҭак рыҭатәуп.

Иракли Ҕарибашвили Наҭиа Турнавеи Леван Давиҭашвилии дрыҳәеит аҭыҧашҟа инеины, дара рхала ауаа ирацәажәарц.

«Намахвантәи Гес сазааҭгылар сҭахуп. Ҳәара, ауаа изыргәамҵуа зҵаарақәак иҟоуп, арҭ азҵарақәа аҭак рыҭатәуп.  Аминистрцәа рхаҭа ауаа ирҧыланы аҭак рырҭароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, Наҭиа Турнавеи Леван Давиҭашвилии срыҳәоит аҭыҧашҟа инеины, ауаа изыргәамҵуа еилкааны, аилыркаарақәа рырҭарц», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аенергетикатә шәарҭадара Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп, абри аҳасабтә иахәҭоу аҭак аиуроуп.