Иракли Ҕарибашвили Михаил Саакашвили иаанкылара дахцәажәеит  - Ҳзинхьчаҩцәа Михаил Саакашвили дахьыҟаз ауада ашә ацыҧхала иаадыртит, уи иаҵанакәа рацәоуп
Иракли Ҕарибашвили Михаил Саакашвили иаанкылара дахцәажәеит  - Ҳзинхьчаҩцәа Михаил Саакашвили дахьыҟаз ауада ашә ацыҧхала иаадыртит, уи иаҵанакәа рацәоуп

Ҳзинхьчаҩцәа Михаил Саакашвили дахьыҟаз ауада ашә ацыҧхала иаадыртит, уи иаҵанакәа рацәоуп, —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили абжьыҭира ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аоперациа ҭынч амҩаҧгаразы иаҭахыз зегьы ҟаҵан.

«Ҳара Саакашвили аҩны имацара данаанхаз аамҭа ҳазыҧшит. Убри аҟынтә,  иаҳҳәаз ҟаҳҵеит ҳәа сгәы иаанагоит.  Ҳзинхьчаҩцәа Михаил Саакашвили дахьыҟаз ауада ашә ацыҧхала аадыртит, уи иаҵанакәа рацәоуп. Уи алагьы иубарҭоуп ҳара аҭагылазаашьа ҳшахылаҧшуаз. Ҳара аинформациа наӡа ҳаман.  Аоперациа ҭынч амҩаҧгаразы иаҭахыз зегьы ҟаҵан», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.