Иракли Ҕарибашвили Лихтенштеин адәныҟатәи аусқәеи, аҵареи, аспорти рзы аминистр дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Лихтенштеин адәныҟатәи аусқәеи, аҵареи, аспорти рзы аминистр дылҧылеит

т

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Лихтенштеин адәныҟатәи аусқәеи, аҵареи, аспорти рзы аминистр Доминик  Ҳаслер дылҧылеит.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит атәылақәа реизыҟазаашьақәеи апартниорразы иҟоу аперспективақәеи ирызку азҵаарақәа.

Ишазгәаҭаз ала, Доминик Ҳаслер лвизит ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҿы акрызҵазкәа етапуп, уи атәылақәа русеицура арҭбаара иацхраауеит.

«Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәадатәи форматқәа рҿы аусеицура аҵакы. Хшыҩзышьҭра рызун ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла –  арегиони уи анҭыҵи аимадарақәа рырҭбааразы иаҭаху ахадаратә регионалтә маршарутқәа рырҿиара иазыхиоу игәрагоу атранзиттә партниоруп. Аиҧылара алахәылацәа аҵареи аспорти аусхкқәа рҿы аусеицурагьы иалацәажәеит. Аҧыза-министр Доминик Ҳаслер ҭабуп ҳәа леиҳәеит Лихтенштеин ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура аофициалтә аҳәамҭаҿы.