Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит, ауснагӡатә рхы аладырхәит 40 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа
Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит, ауснагӡатә рхы аладырхәит 40 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Украина иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаныҞрымтәи аплатформа асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит, ауснагӡатә рхы аладырхәит 40 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, Ҟрымтәи аплатформа асаммит ахьымҩаҧысуа  ацәыргақәҵатә центр „Парков“ аҿы дыҟоуп. Иракли Ҕарибашвили иҧылеит украинатәи иколлега Денис Шмигали Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Дмитро Разумкови.
Қырҭтәыла аҧыза-министр асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит.
Асаммит иалахәып  – Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель, Латвиеи, Лиетувеи, Естониеи, Польшеи, Словакиеи, Венгриеи, Молдовеи, Словениеи, Финлиандиеи рхадацәа; Румынтәылеи, Хорватиеи, Швециеи рҧыза-министрцәа; Швеицариеи Чехиеи рпарламентцәа рхантәаҩцәа; Британиа Дуи Португалиеи ртәылахьчара аминистрцәа.  Асаммит аҿы 14 ҳәынҭқарра ирхаҭарнакцәоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.  Иара убас, асаммит далахәып Америка ахада Баиден ихатә хаҭарнак, Америка атранспорт азы аминистр. Еврокомиссиа  – авице-ахада, НАТО  – амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ, Европа Ахеилаки ҚУАМИ  ирхаҭарнакцәоуп абарҭ аиҿкаарақәа рмаӡаныҟәгаҩ хадацәа.
Асаммит иалахәы алидерцәа еидгыланы рпатреҭ ҭырхит. Ауснагӡатә ааиртит Украина ахада Владимир Зеленски.

Ҟрымтәи аплатформа асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, алидерцәа, азеиҧш декларациа рыдыркылоит. Иара убас,  Ҟрым аҭагылазаашьа иадҳәаланы, адунеи ахь ааҧхьара ҷыда ҟарҵараны иҟоуп.

Қырҭтәыла аган аҟынтә Ҟрымтәи аплатформа асаммит иара убас иалахәын авицеҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи.