Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Алихан Смаилов диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Алихан Смаилов диҧылеит.
Аусуратә аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Казахстантәи ареспубликеи рыбжьара аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун атуризми, аенергетикеи, атранспорти, ахәаахәҭреи аусхкқәа рҿы аусеицура иаҵанакәа ахадаратә хырхарҭақәа.
Хшыҩзышьҭра азун Абжьаратә корридор инагӡаны аус арура аҵакы.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҳаракӡоу аҩаӡараҿы авизитқәа рымҩаҧгара аганахьала иҟоу адинамика бзиа иалацәажәеит.
Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили Абжьаратә корридор аҿиара азҵаара дазааҭгылеит.
„Иҭабуп, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акыр исзыҧсоу сҩыза, акыр иаҧсоу аколлегацәа.
Акыр иаҧсоу аҩызцәа, даҽазнык шәбара сеигәырҕьеит. Рашәарамзазы шәара Қарҭ шәыҟан, усҟан ишшәасҳәаз еиҧш, мчыбжьқәак рышьҭахь сара сасра сышәҭааит. Шәтәыла ҧшӡа, Алмата гәахәарала саҭааит. Гәыкала сыдкылареи асасдкылареи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, визитла Қарҭ шәаныҟаз, ҳара ҳусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа рацәеи, иара убас, амбициатә планқәеи, аҩ-тәылак рзы – Казахстан азгьы Қырҭтәылазгьы аинтерес зҵоу апотенциалтә проектқәеи ҳрылацәажәеит.
Ҳәарада, иахьа ҳара Абжьаратә корридор аҿиара азҵаара аҧыжәара аҳҭоит, ари акорридор аҿиаразы аплан бзиа ҳамоуп. Ҵыҧх иашьашәалоу амҩақәҵага ҳнапы аҵааҩит, уи ҳара ҳзгьы, акорридор аҿиаразгьы аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Уажәааны сара визитла Китаи сыҟан, уаҟа, Китаи аиҳабыреи ҳареи азеиҧш проектқәа ирызкны адискуссиа бзиа ҳаман, Абжьаратә корридор аҿиара иазку ҳплан, амҩақәҵага (амҩатә хсаала) иазкны ирзеиҭасҳәеит. Агәра ганы сыҟоуп ҧаса ишыҟаз еиҧшҵәҟьа, уажәгьы ишыҟоу еиҧш, наҟ-наҟгьы ҳусеицура ақәҿиара ду шахылҵуа.
Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит сареи сделегациеи гәыкала ҳадкыларазы. Гәахәарала шәтәыла ҳаҭааит. Иҭабуп!”, – иҳәеит аҧыза-министр.
Аусуратә аиҧылараҿы Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Казахстани Қырҭтәылеи акыраамҭа иалагӡаны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аганрацәалатә усеицуреи рыбжьоуп.
„Даҽазнык шәҧылареи Казахстан, Алмата шәыдкылареи сеигәырҕьоит. Рашәарамзазы Қарҭ визитла саныҟаз гәыкала сыдкылареи асасдкылареи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ҳара ҳусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит, аусеицура арҭбаара иазку аконкреттә шьаҿақәа аус рыдааулеит. Уажәазы, ҳара, иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы активла аус еицаауеит.
Казахстани Қырҭтәылеи акыраамҭа иалагӡаны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аганрацәалатә усеицуреи рыбжьоуп. Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп зыҩаӡара ҳараку атрадициатә интеракциа абзоурала ҳаиҧыларақәа ринтенсивра иаҳа ишыҕәҕәахаз.
Ҳара, аҩ-тәылак, агәреибагареи апатуеиқәҵареи ашьаҭала ишьақәгылаз Казахстан-Қырҭтәылатәи аусеицура иаҳа арҭбаара ҳазыхиоуп. Қырҭтәыла Казахстан азы Аахыҵ Кавказаҿ игәрагоу, зҵакы дуу партниоруп.
Визитла Қырҭтәыла саныҟаз, ҳара ҩ-ганктәи ахәаахәҭра шықәсыктәи арбага аизырҳаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Фымзтәи алҵшәақәа инрықәыршәаны, ҩ-ганктәи ахәаахәҭра азҳаит 30%-ла, уи даараӡа ибзиоуп. Ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра аикәшара иаҳа аизырҳара амзызла, ҳаиҳабырабжьаратә комиссиа алшарақәа рхархәара шәыдазгалоит.
Ҳара атранзити атранспорти аусхкы аҿы аусеицура ахә ҳшьоит. Атранскаспиатә жәларбжьаратәи атранспорттә маршрут аҿиара апроцессаҿ ҳпартниорра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит. Сынтәа, фымз рыла, Абжьаратә корридорла аидара амҩангара арбага азҳаит 77%-ла, 1,3 миллион тонна аҟынӡа ишьҭыҵит. Аҵыхәтәантәи ҳаиҧылараан иҳадаҳкылаз аиқәшаҳаҭрақәа абри амаршрут аҿиара иацхрааит.
Хшыҩзышьҭра ҷыда азун адигитализациеи, аидарамҩангара иҭышәынтәалоу атарифқәа реиқәыршәареи, акорридор инаваршәны иаку алогистикатә оператор аҧҵареи иазку азҵаарақәа. Ҳара арегионаҿ атранспорттә аимадара арҭбаареи атранспорттә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи ҳазҿлымҳауп. Ҳәарада, абарҭ апланқәа рҿы Қырҭтәыла атранзиттәи атранспорттәи потенциал иазҧхьагәаҭоуп.
Инеизакны иуҳәозар, аусхкқәа зегьы рҿы аказах-ақырҭуа партниорра иаҳа арҭбаара амзызла, Казахсҭан аиҳабыра аганрацәалатә усура анагӡара иазыхиоуп”, – иҳәеит Алихан Смаилов.