Иракли Ҕарибашвили – Изакәызаалак амчылара ҟамлароуп
Иракли Ҕарибашвили – Изакәызаалак амчылара ҟамлароуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, изакәызаалак амчылара ҟамлароуп.

Ажурналистцәа данрацәажәоз аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,   аполициа иарбанызаалак амчылара зыҧшра ҟамҵакәа ақәҿнаҭуеит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы аполитикцәеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи рзы иаабо ақәларақәеи агрессиатә хымҩаҧгашьеи  иадҳәаланы исҳәар сҭахуп. Ҳәарада,  изакәызаалак амчылара ҟамлароуп,  аха,  ишыжәдыруа еиҧш,  аполициа,  зыҧшра ҟамҵакәа абарҭ афактқәа ирықәҿнаҭит», — иҳәеит аҧыза-министр.