Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Муҳамед бин Заиед Аль-Наҳиан диҧылеит.
Аиҧылараҿы еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара аполитикатә диалог аҩаӡара ҳаракы, уи убарҭоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаҧгаз авизитқәа рылагьы. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ихырҳагоу аусеицура иҵегьы арҭбаара иазыхиоуп. Ишырҳәаз ала, Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи емиратқәеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим ашьақәыргылара амзызла, активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит, Қырҭтәылаҿ араҧтәи инвестициақәа рыла иакымкәа апроектқәа нарыгӡоит, урҭ рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә зона аҧҵара ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатәи ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит. Иаҵшьны иазгәаҭан атуризми атранспорти аусхкқәа рҿы иҟоу апотенциал ду инаӡаны ахархәара аҵакы. Ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәса 9 мза рыла ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара 84%-ла иазҳан, 190 миллион адоллар аҟынӡа ишьҭыҵит.