Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аекономикеи ахәаахәҭреи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аекономикеи ахәаахәҭреи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аекономикеи ахәаахәҭреи аҵарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Аҳмед Али аль Саиҕ диҧылеит.  Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак зыҩаӡара ҳараку  аполитикатә диалог рыбжьоуп, уи убарҭоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рҿы имҩаҧгаз авизитқәа рылагьы. 

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәыла еиқәыршәоу иманшәалоу абизнеслагылазаара. Ишазгәаҭаз ала, араҧтәи инвестициақәа рыла Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроектқәа рацәоуп, урҭ рхыҧхьаӡара азҳара иаҿуп. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра адкылара амзызла, ҳазну амзазы аиҿцәажәарақәа иалагоит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара араҧтәи аган аҟынтә рхы аладырхәит  афедералатә ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахантәаҩы Абдула аль Мазруи, Абу-Даби аҿиара афонд аоперациақәа рзы адиректор Адел Аль Ҳосан, Dhabi Group анапхгаратә директор Сами Едвард Адамси, аилахәыра Etihad Credit Insurance анагӡаратә директор Масимо Фалькони, Дубаи Ааглыхреи аекспорти рзы акорпорациа агенералтә директор Саил аль Авади. Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит  авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр  Хвҭисиашвилии, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Паата Каландаӡеи. 

Аинформациа аланарҵәеит Аиҳабыра радминистрациа