Иракли Ҕарибашвили Иеиду Аҳра адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеимс Клеверли диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Аҳра адәныҟатәи аусқәеи аиҩызареи аҿиареи аусқәеи рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Џьеимс Клеверли диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иеиду Аҳреи рыбжьара астратегиатә патниорреи аполитикатә диалоги рыҩаӡара ҳаракы. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Џьеимс Клеверли Қырҭтәыла ивизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рдинамика шыбзиоу.
Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәылеи Иеиду Аҳреи рыбжьара ишьақәгылаз „Уордроп идиалог“, уи ҩ-тәылак русеицура ахырхарҭақәа зегьы ирызкуп, астратегиатә партниорреи аусеицуреи арҕәҕәоит. Иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуразы иҟоу алшарақәа инаӡаны рхархәара аҵакы.
Иракли Ҕарибашвили Џьеимс Клеверли ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Иеиду Аҳра ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи аҳәынҭқарратә институтқәа рырҕәҕәареи адемократиатә аҿиареи аус аҿы хаҭала иҟаиҵо алагала дуи азыҳәан.
Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун арегиони адунеи рҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара арҕәҕәара аус аҿы Қырҭтәыла инанагӡо акрызҵазкәа ароль ду.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Британи Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду аҳра ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитони, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи адиректорат адиректор ихаҭыҧуаҩ Џьастин Џьеимс Макензи Смити, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, Британиа дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Софио Қацаравеи.