Иракли Ҕарибашвили – Ибзиаӡаны иаадыруеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҭакҧхықәра ду шацу, ҳара ибзиаӡаны ааҳарҧшит  уи даараӡа ишаҳҭаху, аҧхықәрақәа зегьы рынагӡара ҳшазыхиоу  
Иракли Ҕарибашвили – Ибзиаӡаны иаадыруеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҭакҧхықәра ду шацу, ҳара ибзиаӡаны ааҳарҧшит  уи даараӡа ишаҳҭаху, аҧхықәрақәа зегьы рынагӡара ҳшазыхиоу  

 

Џьозеф Боррель ивизит азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ари авизит лабҿаба аанарҧшуеит Евроеидгыла Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ишрыдгыло. Ҳара уи даараӡа ахә ҳшьоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррели иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, аиҳабыра ибзиаӡаны ирдыруеит Евроеидгыла алалара апроцесс аџьабаа дуи аҭакҧхықәра дуи шацу.

„Ҵыҧх ҳара европатәи аперспектива ҳауит, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы аман. Уи азыҳәан, ҳаиҳабыра рыхьӡала даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Аиашаз, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы аман. Иара убас, ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит  Евроеидгыла алалара апроцесс акыраамҭа ишынагӡахо, уи аџьабаа дуи аҭакҧхықәра дуи шацу.  Уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит.  Убри азоуп ҳара 12 абжьагарақәа анҳарҭа ашьҭахь  урҭ рынагӡара активла ҳзалагаз. Ҳполитикатә гәыҧи, Қырҭтәыла апарламенти, аиҳабыреи, егьырҭ акторцәеи, аусура ду еицымҩаҧаагеит. Даҽазнык ишәгәаласыршәар сҭахуп ари аусура ҳара ишымҩаҧаагаз, раҧхьа иргыланы ҳара ҳауп иаазырҧшыз  аҧхықәрақәа зегьы рынагӡареи Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡареи ҕәҕәала ишаҳҭаху, уи ҳшазыхиоу.  Ҳара иаарту аинклиузивтә процесс еиқәҳаршәеит, ари аус иазҿлымҳау аганқәа зегьы аханатәгьы иҳадаҳкылеит, арадикалтә оппозициагьы,  ҳара урҭ ашә рзааҳартит. Аусуратә гәыҧқәа еиҿкаан, ари аус иазҿлымҳау аганқәа зегьы ари апроцесс рхы аладырхәырц ааҧхьара раҳҭеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.