Иракли Ҕарибашвили – Ҳхәыцрақәеи ҳматанеиреи  Синӡо Абе иҭаацәара рыдгылара иазкуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳхәыцрақәеи ҳматанеиреи  Синӡо Абе иҭаацәара рыдгылара иазкуп

«Ҳхәыцрақәеи ҳматанеиреи  Синӡо Абе иҭаацәара рыдгылара иазкуп», —  иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Иапониа ҧасатәи аҧыза-министр  Синӡо  Абе иқәлара дақәыӡбаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Иапониа ишадгыло.

«Синӡо Абе алхыҩцәа данырҧылоз  ишиқәлаз ансаҳа,  даараӡа сгәы иалсит.  Ҳхәыцрақәеи ҳматанеиреи  Синӡо Абе иҭаацәара рыдгылара иазкуп. Қырҭтәыла Иапониа иадгылоит», — иазгәеиҭеит аҧыза-министр.

Иапониа ҧасатәи аҧыза-министр   Синӡо  Абе, Нара ақалақь аҿы алхраҧхьатәи ауснагӡатә аҿы данықәгылоз,  амцабџьарла иеихсит.

АИХ адыррақәа рыла, азинхьчаҩцәа, уааҵәҟьа,  41 шықәса зхыҵуа ахаҵа дааныркылеит. Нара инхо  Теӡуиа Иамагами анкьа  Иапониа  Арра-мшынтә мчқәа дрылахәын.

Иапониа аҧыза-министр  Умио Кишида ҧасатәи аҧыза-министр иқәлара афакт ҕәҕәала дақәыӡбаны, ишиҳәаз ала, Синӡо  Абе цәгьала дыҟоуп.