Иракли Ҕарибашвили – Ҳуааҧсыра ишақәҳаргәыҕыз еиҧш, иахьа инаркны, ачымазара лаҽқәеи аонкологиатә чымазарақәеи зыхшәтәуа  800 еиҳаны апрепаратқәа рыхә маҷхоит  40%-ла
Иракли Ҕарибашвили – Ҳуааҧсыра ишақәҳаргәыҕыз еиҧш, иахьа инаркны, ачымазара лаҽқәеи аонкологиатә чымазарақәеи зыхшәтәуа  800 еиҳаны апрепаратқәа рыхә маҷхоит  40%-ла

«Иахьа инаркны, ачымазара лаҽқәеи аонкологиатә чымазарақәеи зыхшәтәуа  800 еиҳаны апрепаратқәа рыхә маҷхоит  40%-ла», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳаҿы.

Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура адыррала, аханатә ареференттә ахәқәа шьақәыргылан ачымазара лаҽқәа зхәышәтәуа апрепаратқәа мацара рзы, анеҩс, етапла, ари амеханизм аларҵәара аиуеит егьырҭ ахәқәа рзгьы.

Иара убас, аиҳабыра ринициативала,  2022 шықәса хәажәкыра инаркны аартуп ҭырқәтәылатәи афармацевтикатә џьармыкьа, уи абзоурала, Қырҭтәыла ахәшәқәа рыхәқәа маҷхеит 60-80 наӡынала. Уи абзоурала,  100 000ҩык раҟара атәылауаа, есышықәса,  200 миллион лари аҟара аиҷаҳара рылшоит, ареференттә ахәқәа рышьақәыргылара абзоурала, ауааҧсыра ахәшәқәа раахәара иаҳа ирзымариахоит.