Иракли Ҕарибашвили – Ҳтәылауаа рахь схы рханы аргама исҳәар сҭахуп - иахьазы изакәызаалак шәарҭарак ҳашҭагылам
«Ҳтәылауаа рахь схы рханы аргама исҳәар сҭахуп – иахьазы изакәызаалак шәарҭарак ҳашҭагылам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Коџьори даныҟаз, уаҟа иара аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара иазку апрогмативтә политика ала, аҵыхәтәантәи 9 шықәса рыла атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара рылшеит.
«Ҳтәылауаа рахь схы рханы аргама аасыцҳар сҭахуп – иахьазы изакәызаалак шәарҭарак ҳҭагылам. Ҳҽырҭынчроуп. Қырҭтәыла изакәызаалак шәарҭарак иҭагылам. Амилаҭтә интересқәа рыхьчара иазку апрогмативтә политика ала, аҵыхәтәантәи 9 шықәса рыла атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара ҳалшеит. Иара убас, изакәызаалак адестабилизациак ада, изакәызаалак ацәыӡк ҳамамкәа, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра адкылареи авизадатә режим аиуреи ҳалшеит. Ҳара, излауа ала, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ҳалшеит, Урыстәыла иадҳәалоу аҭагылазаашьа адеескалациагьы уахь иналаҵаны, ҳәарада, абри зегьы ҳтәыла амилаҭтә интересқәа ирышьашәалоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.