Иракли Ҕарибашвили – Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Кирбали иазааигәаны иҟалаз ахҭыс иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Кирбали иазааигәаны иҟалаз ахҭыс иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Кирбали иазааигәаны урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла ахысра амшала иҭахаз Қырҭтәыла атәылауаҩ иҭаацәара дрыдашшылеит. Аларҵәара зауз аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала данааныркылоз ахысра иалагеит.

«Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ,  Гори амуниципалитет иаҵанакәа Кирбали ақыҭа иазааигәаны ихьанҭаӡоу афакт ҟалеит  —  урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа аҭыҧатәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз, ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дыршьит.

Ари афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит уаҟа ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа шыцәгьоу, ампыҵахалара алҵшәа цәгьа шахылҵуа.

Иҭахаз ҳтәылауаҩ иҭаацәареи иуацәеи срыдашшылоит, арҭ ауаа арыцҳара ду иақәшәеит. Ихьанҭаӡоу аамҭазы аҳәынҭқарра урҭ ирыдгылоит.

Жәларбжьаратәи апартниорцәа ари аинцидент иазкны адырра раҳҭахьеит, иашьашәалоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит.

Ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз  егьи ҳтәылауаҩ ирласӡаны ихақәиҭтәразы активла аусура ҳаҿуп.

Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Кирбали иазааигәаны иҟалаз ахҭыс иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц, иара убас, ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  ауаҩшьра зхароу ахаҿы иаарҧшреи ихьырхәреи азыҳәан аганқәа зегьы аус рыцырурц», — иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа  Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит.