Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит акандидат астатус иадҳәаланы Евроеидгылаҿ ирыдыркылаз аӡбара аполитикатә ҟазшьа шамаз, ҳақәҿирақәа ишрыдҳәаламыз, аха, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп хара имгакәа астатус шҳауа
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит акандидат астатус иадҳәаланы Евроеидгылаҿ ирыдыркылаз аӡбара аполитикатә ҟазшьа шамаз, ҳақәҿирақәа ишрыдҳәаламыз, аха, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп хара имгакәа астатус шҳауа

 

«Ажәлар иргәаласыршәар сҭахуп аҵыхәтантәи жәашықәса рыла  евроинтеграциа апроцессаҿы ҳтәыла иаиуз абзиара зегьы, апрогресс зегьы  ҳполитикатә гәыҧ ишрыбзоуроу», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили.

Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  сынтәа Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьан,  уаанӡа уи ухахьы иузаамгашаз хҭысын.

«Ахҭыс хада сазааҭгылар сҭахуп,  уи Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазкны Евроеидгыла ирыдыркылаз аӡбароуп,  уаанӡа уи ухахьы иузаамгашаз хҭысын.  Аибашьра абарҭ апроцессқәа арццакит,  ҳара уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит. Сара даҽазык иазгәасҭар сҭахуп,  ҳара акандидат астатус аиура ҳақәгәыҕуан,  аха, ибзианы еилаҳкаауеит ари аӡбара аполиткиатә ҟазшьа шамаз,  уажәазы Қырҭтәыла астатус арымҭеит,  аха,  ари аӡбара ҳтәыла ақәҿирақәа рышьаҭала акәӡам ишрыдыркылаз.

Агәра ганы ҳаҟоуп хара имгакәа ҳтәыла ари астатус шаиуа. Сара ус сҳәаратәы ашьаҭа сымоуп,  уажәтәи аҭагылазаашьеи қәҿиарала имҩаҧаагаз ареформақәеи роуп сызлацәажәо. Евроеидгыла ала иҳәаақәҵаз 12 абжьагарақәа наҳагӡеит,  ҳара ҳазынтәгьы,  апарламентгьы аиҳабырагьы активла ари апроцесс ҳалахәын,   уажәшьҭа европатәи ҳколлегацәа рыӡбара ҳазыҧшуп.

Абрааҵәҟьа ҳажәлар иргәаласыршәар сҭахуп аҵыхәтантәи жәашықәса рыла  евроинтеграциа апроцессаҿы ҳтәыла иаиуз абзиара зегьы, апрогресс зегьы  ҳполитикатә гәыҧ ишрыбзоуроу. Ассоциациа иазу аиқәшаҳаҭра, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизадатә режим, Евроеидгыла алалара амзызла аофициалтә азыҳәамҭа аҟаҵара, европатәи аперспектива аиура  – абри зегьы  «Ақырҭуа гәахәтәы» иабзоуроуп, — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.