Иракли Ҕарибашвили -  Ҳара ҳҽазышәарақәа зегьы Евроеидгыла алалара иазкуп, ҳабиҧарақәа рацәа европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ҳҭыҧ архынҳәра гәахәтәыс ирыман,  абри агәахәтәы анагӡаразы исылшо зегьы аҟаҵара сазыхиоуп
Иракли Ҕарибашвили -  Ҳара ҳҽазышәарақәа зегьы Евроеидгыла алалара иазкуп, ҳабиҧарақәа рацәа европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ҳҭыҧ архынҳәра гәахәтәыс ирыман,  абри агәахәтәы анагӡаразы исылшо зегьы аҟаҵара сазыхиоуп

Ҳара ҳҽазышәарақәа зегьы Евроеидгыла алалара иазкуп, ҳабиҧарақәа рацәа европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ҳҭыҧ архынҳәра гәахәтәыс ирыман,  абри агәахәтәы анагӡаразы исылшо зегьы аҟаҵара сазыхиоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель, жәларбжьаратәи афестиваль „Европалиеи“ Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә уснагӡатәи аҿы данықәгылоз.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара амоуп.

„Аиашаз, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла ҳара аҭоурыхтә ҵакы змоу аҳасабтәқәа рынагӡара ҳалшеит, урҭ иреиуп  Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра,  Евроеидгылаҟны авизадатә режим аиура, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭра, насгьы, ҳара Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа рыгәҭа аҧхьагылара змоу тәылас ҳҟалеит.  Евроеидгыла Қырҭтәыла ананашьеит Евроеидгыла алаларазы аперспектива, уи Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа идуу  адәныҟатәи аполитикатә қәҿиароуп. Абри аӡбара анеҩс, ҳара, ҳхы ҳамеигӡакәа, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ашықәс анҵәамҭаз Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуреи Қырҭтәыла мраҭашәаратә интеграциаҿы аетап ҿыц алагареи азы.

Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Еврокомиссиа абжьагарақәа зегьы рынагӡареи акандидат астатус аиуреи  шаҳуалу.  Ҳара абри амҩа ахаан ҳанымҵыцт,  ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит  Қырҭтәыла адемократиатә, европатәи, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш акгьы иаҧырхагамхарц. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп  ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, ҳмилаҭтә принципқәеи, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаз ақәҿиарақәеи рыбзоурала,  Евроеидгылахь зхы рхоу амҩаҿ аҳасабтәқәа зегьы рынагӡара ҳшазыхиоу.

Қырҭтәыла агеографиа ақырҭуаа рҭоурых ду ашьақәгылара иацхрааит, Европеи Азиеи,  Мрагыларатәи мраҭашәаратәи ацивилизациақәеи рымҩеихысырҭаҿ ишьҭоу ҳтәыла аимпериа дуқәа рыбжьара ақәҧарақәа рыгәҭа иҟан. Ҳара ҳхаҭагьы, лассы-лассы, ашәышықәсақәа ирылагӡаны ақәҧареи аибашьреи  ҳақәшәон, аха, абри зегьы ҳмилаҭ арҕәҕәеит,  ҳмилаҭтә ҷыдарақәа шьақәнаргылеит, Евроеидгыла алалара аҭахра абри ауникалтә аҭоурыхтә аҧышәа ахылҵит.  Абри ауп  ари амҩа анагӡараҿы  агәыҕра ҳазҭоз, ҳара уи шҳалшо агәра зымгоз шырацәазгьы“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.