Иракли Ҕарибашвили – Ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҳазыҧшуп, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы змоу даҽа аӡбарак акәхоит, уи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ҳәаақәнаҵоит
«Ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҳазыҧшуп, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы змоу даҽа аӡбарак акәхоит, уи Қырәтәыла европатәи аҧеиҧш ҳәаақәнаҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мрагыларатәи партниорра азҵаарақәа рзы Евроеидгылеи Евроеидгыла иалахәы атәылақәеи рхаҭарнакцәа данырҧылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара апартниорра ҕәҕәа аконкреттә алҵшәақәа ахылҵит.
«Салам шәыҭаны, шәызынтәгьы ари авизит азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, хаҭала сареи ҳаиҳабыреи ҳахьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳтәыла шәахьаҭааиз азыҳәан. Сара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи аҽазышәарақәеи ирзаашәырҧшуа адгылара ҕәҕәа иҳаракны ахә сшьоит.
Шәара шәвизит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ари авизит лабҿаба аанарҧшуеит шәара Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш шәшадгыло.
Уажәы ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҳазыҧшуп, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы змоу даҽа аӡбарак акәхоит, уи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ҳәаақәнаҵоит.
Убри аҟынтә, гәыкала салам шәыҭаны, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит аҧыза-министр.