Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит
«Ҳара ари аус ҳазықәҧон, ирацәаны аус аауан, аиааира еицаагеит. Ҳара, атәыла анапхгареи ажәлари Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ҳҽаҧсаҳтәит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, «ари амҩаҿы ҳара имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳархысит, аха, ари амҩа қәнагарала ҳахысны, иахьатәи амш аҟынӡа ҳааит».
«Абри аиааира шәара ишәтәуп, ахақәиҭра бзиа избо, зиааира ҟамло, ақырҭуа жәлар. Ааи, ҳара ари аус ҳазықәҧон, ирацәаны аус аауан, ари аиаара еицаагеит. Ҳара, атәыла анапхгареи ажәлари Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ҳҽаҧсаҳтәит», — иҳәеит Ҕарибашвили.