Иракли Ҕарибашвили - Ҳара аҳәынҭқаррақәа зегьы пату рықәаҳҵоит, аха, раҧхьа иргыланы, ҳтәылоуп бзиа иаабо
«Ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳамоуп, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла иахәаша ауп иҟаҳҵаша, ҳара аҳәынҭқаррақәа зегьы пату рықәаҳҵоит, аха, раҧхьа иргыланы, ҳтәылоуп бзиа иаабо», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ данықәгылоз.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра, Америкеи европатәи атәылақәеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус рыцыруеит, дара ақәҿиара зхылҵыз имаҷымкәа апроектқәа еицынарыгӡеит, ари аусеицура ҳаҧхьаҟа иаҳа иҕәҕәахоит.
«Исырҭаз азҵаарақәа аҭак рысҭар сҭахуп, ҳәарада, Америка, европатәи атәылақәа уҳәа, ҳстратегиатә партниорцәа зегьы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус рыцаауеит. Ақәҿиара зхылҵыз имаҷымкәа апроектқәа еицынаҳагӡеит, ари аусеицура ҳаҧхьаҟа иаҳа иҕәҕәахоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасабала, сара исылшо зегьы ҟасҵоит ари апартниорра иаҳа иҕәҕәахарцаз. Ҳпартиорцәеи ҳареи ҳгәаанагарақәа еиҧшымзаргьы ауеит, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳамоуп, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла иахәаша ауп иҟаҳҵаша, ҳара аҳәынҭқаррақәа зегьы пату рықәаҳҵоит, аха, раҧхьа иргыланы, ҳтәылоуп бзиа иаабо. Раҧхьа иргыланы, ҳтәыла ҳаиҷаҳароуп, уажәазы ҳтәыла иаҭаху, ҳаҧхьаҟа иаҭаххо ҳазхәыцроуп», — иҳәеит аҧыза-министр.