Иракли Ҕарибашвили – Ҳара адунеитә економикеи адунеи атәылақәа рҿиареи рпрогресси аҿы Китаи иҟанаҵо алагала ду  иҳаракны ахә ҳшьоит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара адунеитә економикеи адунеи атәылақәа рҿиареи рпрогресси аҿы Китаи иҟанаҵо алагала ду  иҳаракны ахә ҳшьоит

«Ҳара адунеитә економикеи адунеи атәылақәа рҿиареи рпрогресси аҿы Китаи иҟанаҵо алагала ду  иҳаракны ахә ҳшьоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Китаи-ақырҭуа абизнесфорум аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла,  аимадарақәа рырҭбаареи азеиҧш хықәкқәа рынагӡареи абзоурала,  Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҭоурых иаҳа еиҕьхеит.

«Сара иааҧҵәаны исҳәар сылшоит абри аҩыза ахықәкқәа рынагӡара амзызла,  сара стәыла  аиҩызаратә лагылазаареи иаҭаху адгылареи шшәыднагало.  Қырҭтәыла –  амшынахь аҭыҵырҭа змам 8 ҳәынҭқаррак реимадара еиқәнаршәоит, ари аганахьала ҳтәыла аҵакы ду амоуп. Ҳара 2 континентк рыбжьара уадаҩрада ахәаахәҭра ҳацхраауеит.

Ҳара абри арегион ду аҿы  жәларбжьратәи аилахәырақәа ирыдаагалоит  русура арҭбаара ахьрылшаша, аконкуренциа ахьыҟало алагылазаара.  Уи еиҳангьы, Қырҭтәыла  — арегионаҿ атәыла заҵәуп Китаии, иара убас, Евроеидгылеи рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра змоу. Инеизакны иуҳәозар, ҳара  45 ҳәынҭқаррақәа рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭрақәа ҳамоуп  (Евроеидгыла  27 ҳәынҭқаррақәеи, Британиа Дуи, Ҭырқәтәылеи, Китаии,  Зхы иақәиҭу ахәаахәҭразы Европатәи ассоциациеи, Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәеи). Убри аҟынтә, ақырҭуа аалыҵ   адунеи ахархәаратә џьармыкьа  1/3 ахь анагара ҳалшоит, уи  2,3 миллиардтәи ахархәаратә џьармыкьоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.