Иракли Ҕарибашвили – Ҳара адгыларазы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит,  Евроеидгыла алаларанӡа ҳназго амҩа наҳагӡоит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара адгыларазы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит,  Евроеидгыла алаларанӡа ҳназго амҩа наҳагӡоит

«Ҳара адгыларазы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит,  Евроеидгыла алаларанӡа ҳназго амҩа наҳагӡоит», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Европатәи акомиссиа аҳасабырба бзиа цәырнагеит, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит. Абри  адгыларазы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, Евроеидгыла алаларанӡа ҳназго амҩа наҳагӡоит», — иазгәеиҭеит Иракли Ҕарибашвили.

Европатәи акомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц. Ари атәы еилкаахеит Еврокомиссиа ахада Урсулы фон дер Лаиени европатәи агәылара аполитикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.