Иракли Ҕарибашвили – Ҳаиҳабыра ҳтәылаҿы еиҧҟьарада аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара алшеит
«Ҳаиҳабыра ҳтәылаҿы еиҧҟьарада аҭынчреи аҭышәынәталареи аиқәыршәара алшеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили «Парижтәи Аҭынчра афорум» аҿы данықәгылоз.
Иракли Гарибашвили Франциа ахада Еммануел Макрона ҭабуп ҳәа иеиҳәеит афорум аиҿкааразы.
«Иахьа адунеиаҿ зҭыҧ иқәҵам аимакқәеи акризисқәеи рацәоуп, акризис зегьы реиҳа баша ауааҧсыра, ҳтәылауаа ирҧырхагоуп. Ҳара аилкамзаара аера ҳҭагылоуп.
Украина аибашьра шымҩаҧысуа аабоит, аха уи анҵәамҭа ҳбом. Ааигәатә Мрагылараҿы акризис аабоит, уи даараӡа ишәарҭоуп. Қырҭтәыла иҵаау аимакқәа аабоит.
Иаҳҳәап, ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара шынагӡо аабоит, аха ари апроблема аӡбашьа убарҭам. Ҳара Африкеи адунеи еиуеиҧшым арегионқәеи рҿы аимакқәа аабоит, абарҭ аимакқәа зегьы аҭак заҵәык ауп ирыҭатәу – аҭынчра. Ҳара, аиҳабыра, аҭынчра аиқәыршәаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.
Иара иажәақәа рыла, 2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь Қырҭтәыла имаҷымкәа апроблемақәа ирхысит.
«Ҵыҧх Украина идуу даҽа аибашьрак шалагаз аабеит. Уи ҳазынтәгьы ҳзы идуӡӡоу проблемоуп. Иаҳҭаху иаҳҭахыму, наҟ-наҟ аескалациа ҳацәцоу ҳзацәымцоу, рыцҳарас иҟалаз, ари аибашьра ҳазынтәгьы иҳадкьыслоит. Ҳгәылара иҟоу арегионаҿгьы, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани аибашьра мҩаҧысуеит, ҳәарада, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ешысҳәахьоу еиҧш, Қырҭтәыла аҩ-тәылак аҩызарала ирзыҟоуп, ҳара аобиективтә фасилитатор ироль наҳагӡоит. Ҳара Шәамхьтәреи Азербаиџьани рҟны здаҟам аизыҟазаашьақәа ҳамоуп, ҳаҭала сара алидерцәа рҩыџьагьы рыгәра згоит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла ҳрегионаҿ акыраамҭала аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иазҿлымҳауп», — иҳәеит Ҕарибашвили.