Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку
Иахьа Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара зегьирзеиҧшу адекларациа анапаҵаҩра инаркны 75 шықәса аҵра азгәаҳҭоит. Ҳаиҳабыра хықәкыс ирымоуп ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи ишахәҭоу ала рыхьчара еиқәзыршәо амеханизмқәа раҧҵареи анапхгаратә амахәқәа зегьы рҿы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәеи рҽалархәрала еиҧҟьарада арҭ амеханизмқәа рырҿиареи», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.
«Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа аиҕьтәра амзызла, ҵыҧх, цәыббра 5 рзы, аиҳабыра ирыдыркылеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа, 2023 шықәса хәажәкыра 23 рзы апарламент ари астратегиа шьақәнарҕәҕәеит. Ари адокумент атәылаҿы ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи амилаҭтә системеи аинституциатә демократиеи арҕәҕәара иацхраауеит; ауаажәлари жәларбжьаратәи аиҩызареи рҿаҧхьа аҳәынҭқарра ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара иазкуп; зегьирзеиҧшу азхаҵара змоу ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара еиқәнаршәоит.
Астратегиала иазҧхьагәаҭоу ахықәкқәа рынагӡара амзызла, уажәазы активла аусура мҩаҧысуеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭатә план (2024-2026 шш) аиқәыршәаразы. Убри азыҳәан, аҳәынҭқарратә убарҭақәеи атәылауаҩратә сектори рҽалархәрала активла аиҧыларақәа мҩаҧысуеит.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә план апроект еиқәыршәоуп аиҳабыра радминистрациаҟны акоординациала, ари апроцессаҿ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа атәылауаҩратә сектор абжьагарақәа зегьы иазҧхьагәарҭеит. Атәылауаҩратә сектор аҟны аусеицура нагӡахоит амилаҭтә план анагӡара аетапаангьы.
Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара иазку аҧхықәра ишазгәыку, уи ала иазҧхьагәаҭоуп асистематә, еишьҭаргылоу, акыраамҭалатәи аполитика аиқәыршәареи анагӡареи.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи адемократиа арҕәҕәареи иазку аҽазышәара европатәи аҭаацәара иаҳа ҳазааигәанатәуеит.
Ажәлари атәыла анапхгареи рзеиҧш ҽазышәарала, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рпартниорра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Иахьа аконкреттә алҵшәақәа лабҿаба иубараҭоуп, урҭ иреиуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, авизадатә режими, ҵыҧх иҳанашьаз европатәи аперспективеи, насгьы, уажәааны Еврокомиссиа акандидат астатус иадҳәаланы иҳахәҭоу аӡбара ҟәыш аднакылеит.
Абри амҩа, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа наӡа иазку ҳхықәкы хада есымша ҳазааигәанатәуеит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.