Иракли Ҕарибашвили Германтәыла Бундестаг ахада  дылҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Германтәыла Бундестаг ахада  дылҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәыла Бундестаг ахада Бербель Бас дылҧылеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аинституциатәи асоциал-економикатәи трансформациа апроцесси, иара убас, евроинтеграциа иазку арефомақәа рынагӡареи аҿы Германтәыла алагала ду.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс, Еврокомиссиа абжьагарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҿгьы. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Германтәыла иаҭабууп Евроеидгылахь аинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла  адгыларазы. Аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла европатәи амҩа ишазгәыку. Иаҵшьны иазгәаҭан Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара ахырхарҭала Қырҭтәыла имҩаҧгаз аусура ду.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Германтәыла Бундестаг ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, азхаҵамра аполитикеи адгыларазы. Иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиаҿы Германтәыла алахәызаареи, иара убас, НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа аимплементациаҿы аексперттәи афинанстәи алахәызаареи  аҵакы.