Иракли Ҕарибашвили Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Берлин иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Германтәылатәи афедеративтә республика ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан  атәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз партниортә аимадрақәа иаҳа рырҕәҕәаразы ари авизит иамоу аҵакы ҷыда. Аҧыза-министр ҷыдала иазгәеиҭеит Германтәылеи, хаҭала ахада Штаинмаиери Қырҭтәыла иазаадырҧшуа адгылара аҵакы. 

Ишазәгаҭаз ала, Қырҭтәылеи Германтәылеи дара-дара зыгәра рго партниорцәоуп, ари апартниорра шьақәгылеит кыршықәсатәи аимадарақәеи азеиҧш принципқәеи рышьаҭала. Ҷыдала иазгәаҭан  Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Германтәыла инанагӡо ароль ҷыда.