Қырҭтәылеи Франциеи русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи Қырҭтәыла ианашьоу европатәи аперспективеи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Франциа ахада идипломатиатә абжьагаҩ Изабел Думони реиҧылараҿы.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Франциеи рпартниорра патуеиқәҵареи азеиҧш европатәи принципқәеи рышьаҭала аҿиара иаҿуп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Франциа асахьала, зыгәра угаша апартниор дамоуп, аҩ-тәылак ирзеиҧшу аинтересқәа рымоуп.
Иракли Ҕарибашвили Изабел Думон ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи аинтеграциеи адгыларазы. Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи Аахыҵ Кавказ аҿы аҭагылазаашьеи иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан европатәи аполитика азҵаарақәа рзы аполитикатә диалог амҩаҧгара ахымҧадара. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, ашәарҭадара аусхкы мацараҿ акәымкәа, Евроеидгылаҟны аимадарақәа рырҭбаараҿгьы Франциаҟны аусеицура арҭбаара иазҿлымҳауп.
Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла аперспектива анашьара иазкны Европатәи Ахеилак иаднакылаз аӡбарагьы. Иаҵшьны иазгәаҭан евроинтеграциа апроцесс аҿы Франциа аган аҟынтә адгылара аҵакы.