Иракли Ҕарибашвили Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылоит  [афото]
Иракли Ҕарибашвили Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылоит  [афото]

Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылоит.

Ахада Мишель Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылоит Европатәи Ахеилак аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы дызхагыло аиҳабыратә делегациа иахьа Бриуссельҟа идәықәлеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгылеи, Еврокомиссиеи, Европатәи Ахеилаки, Европарламенти, иара убас, НАТОи рҿы зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа мҩаҧысуеит.

Хәажәкыра 16 рзы,  Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәара ашьҭахь, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррели Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳели апрессконференциа еицымҩаҧыргоит.

Хәажәкыра 17 рзы аиҧыларақәа мҩаҧысуеит Европарламенти НАТОи рҿы. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, НАТО аштаб-уадаҿы, Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада  Иенс Столтенберг диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь, Иракли Ҕарибашвилии Иенс Столтенберги апрессконференциа мҩаҧыргоит. Иара убас, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәарагьы мҩаҧысраны иҟоуп.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили дызхагыло Қырҭтәыла аиҳабыратә делегациа иалоуп авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнавеи, аиустициа аминистр Гоча Лордқиҧаниӡеи.