Иракли Ҕарибашвили – Европатәи аполитикатә хеидкыла асаммит аҿы ҳәатәык ауп иҳамоу, - Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп
«Европатәи аполитикатә хеидкыла асаммит аҿы ҳәатәык ауп иҳамоу, – Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниа, Европатәи аполитикатә хеидкыла 3-тәи асаммит иалагаанӡа.
Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа адискуссиа ихы алаирхәоит.
«Европатәи аполитикатә хеидкыла асаммит аҿы ҳәатәык ауп иҳамоу, – Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп. Сара аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа адискуссиа схы аласырхәоит. Ҳтәыла европатәи аперспектива змоу тәылас иазхаҵоуп, абри ауп ҳара ҳзы зегьы реиҳа ихадоу. Уажәшьҭа, европатәи ҳколлегацәа анеҩстәи ашьаҿа ҟаҵаны, ҳтәыла иахәҭоу акандидат астатус арҭароуп, абри ауп сара сҳәатәы хада. Ҳәарада, ҳара агеополитикатә ҭагылазаашьагьы ҳалацәажәоит, арегионаҿ аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп, Украина аибашьра мҩаҧысуеит, ҳара ҳазынтәгьы ауадаҩрақәа ҳарҭагылоуп. Аконференциаҿы ҳалахәызаара алҵшәа бзиа ахылҵуеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит аҧыза-министр.