Иракли Ҕарибашвили  Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит.

Аиҧылараҿы аҧыза-министр Еврокомиссар инарҭбаау аинформациа ииҭеит Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу адинамика бзиеи Евроеидгыла абжьагарақәа инаӡаны рынагӡара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рҽазышәарақәеи ирызкны. Иракли Ҕарибашвили атәыла европатәи аперспектива анашьара иазкыз аҭоурыхтә аӡбара дазааҭгылан, иаҵшьны иазгәеиҭеит ашықәс анҵәамҭаз атәыла акандидат астатус анашьара астратегиатә аҵакы ду шамоу.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Амшын еиқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аимадара арҕәҕәара иазку аинициативақәеи, ари аганахьала Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара атранспорттәи, аенергетикатәи, аинфраструктуратәи аимадарақәа рырҭбааразы иҟоу  алшарақәеи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара аганахьала арегионаҿ иҟоу аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иадгылоит.