Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниа аҧыза-министр Педро Санчес Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку ашәҟәы изиҩит.
Ашәҟәы ишану ала, Қырҭтәыла Испаниа иаҭабууп Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа рыдгыларазы.
«Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Евроеидгыла алахәызаара акыраамҭалатәи аҧхықәрақәеи аҭакҧхықәра дуи шацу. Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара амҩа кьаҿ ҳшашьҭам. Сара анапхгара ззыуа аиҳабыра рҽеидкыланы, Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа зегьы нырагӡареи рырццакреи ҕәҕәала иӡбаны ирымоуп. 2012 шықәса инаркны Қырҭтәыла ишьақәнарҕәҕәеит Евроеидгыла алахәыла-тәылас аҟалара ишазгәыку», — иануп ашәҟәы аҟны.
Аҧыза-министр ишәҟәы ишану ала, 2022 шықәса ашьҭахь Қырҭтәыла, иара убас, аанарҧшит Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы иазгәаҭоу 12 абжьагарақәа рынагӡара ишазҿлымҳау.
Ашәҟәы аҟны Иракли Ҕарибашвили ишиҩыз ала, акандидат астатус анашьара Қырҭтәылаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара иацхраауеит.
«Шәтәылеи Евроеидгылеи ҳраҭабууп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, иара убас, урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара ацхраареи азыҳәан. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рактивтә алахәызаара Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа аҭынмчмаҩа рреинтеграциеи уажәазы еиҟәшоу ауаажәларра алахәылацәа реинаалареи аиқәыршәараҿы ахадаратә роль шынарыгӡо.
Қырҭтәыла аҧеиҧш – Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу, ари аҧеиҧш альтернатива амам. Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Испаниеи Евроеидгыла иалоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи еиднаҳәалоит», — иануп ашәҟәы аҟны.