Иракли Ҕарибашвили – Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ҳусеицура ҕәҕәеи европатәи ҳҩызцәа рҟынтә иҳамоу адгылареи иасимволуп
«Иахьа ҳара абра ҳаизеит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Қырҭтәыла аусура алагара инаркны 15 шықәса аҵра азгәаҭаразы. Ҳара арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы иалҳхыз амҩа ҳалацәажәоит», – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Қырҭтәыла аусура алагара инаркны 15 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, 2008 шықәса цәыббра 15 рзы Евроеидгыла, Қырҭтәылаҿ Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аҧҵарала, зҵакы дуу ашьаҿа ҟанаҵеит.
«Ҳара, ақырҭуаа, уахгьы-ҽынгьы, 24/7 арежимаҿ амониторинг амҩаҧгара аидеиа ҳазыразуп, уи иҳаракны ахә ҳшьиот, аҭыҧантәи ауааҧсыра ари амиссиахь агәрагара ду рымоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы.
Иара иажәақәа рыла, урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵаразы Евроеидгыла иамоу егьырҭ ахархәагақәа инрываргыланы, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа Қырҭтәыла аҟазаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Евроеидгыла ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло.