Иракли Ҕарибашвили, Еммануел Макрона иааҧхьарала, Франциаҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили, Еммануел Макрона иааҧхьарала, Франциаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Еммануел Макрона иааҧхьарала, аусуратә визитла  Франциаҟа ддәықәлеит.

Аиҳабыра радминистрациа адыррала, Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа,   Аҭынчра Парижтәи афорум ихы алархәоит.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр иҳараку аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит.