Иракли Ҕарибашвили – Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит,  абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит
Иракли Ҕарибашвили – Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит,  абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит

«Ирҕәҕәоу евроатлантикатәии европатәии аинтеграциа  — уи ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, ҳмилаҭтә принципқәеи зцеиҩаҳшо европатәи амилаҭқәа рҭаацәарахьы ҳзырхынҳәуа мҩоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада  77-тәи асессиаҿы данықәгылоз.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәии интеграциа ахырхарҭала ҧхьаҟацара нанагӡоит.

««Адунеизегьтәи аиашаӡбара апроект» ала ицәыргаз азин аиҳаӡара аиндекс аҿы, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит,  «Абиуџьет аартызаара аиндекс» аҿы —  адунеиаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит,  аекономикатә хақәиҭра иазкны   «Фреизер иинститут»   2011 шықәсатәи адыррақәа рыла, ҳтәыла, Сингапури Швеицариеи инарываргыланы, адунеи иреиҕьу ахәбарак ирылоуп. Аҧсҭазаара ахаҭабзиара аглобалтә база инақәыршәаны,  Қырҭтәыла адунеиаҿ зегьы реиҳа ишәарҭам аҳәынҭқаррақәа иреиуп,  14-тәи аҭыҧ аанаҳкылоит. Америкеи Европеи рзааигәахара инаваргыланы, ҳара адемократиатә аиҭакрақәа рынагӡаразгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит».

Ирҕәҕәоу евроатлантикатәии европатәии аинтеграциа  — уи ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, ҳмилаҭтә принципқәеи зцеиҩаҳшо европатәи амилаҭқәа рҭаацәарахьы ҳзырхынҳәуа мҩоуп. Ҳара европатәии евроатлантикатәии интеграциа ахырхарҭала ҧхьаҟацара ҳаҿуп.  Абри ахықәкы ҳшақәныҟәо убарҭоуп инаҳагӡахьоу аусқәеи ареалтә алҵшәақәеи рыла, урҭ рыбжьара, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи, Евроеидгылаҿы авизадатә режими рылагьы», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Евроеидгыла алалара алшара – Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи рзы амотивациа ҕәҕәоуп.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, зыҧшра ҟамҵакәа  Европатәи ахеилак аӡбара иақәҿнаҭит.

«Аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аусуратә гәыҧқәа еиҿкаауп, урҭ ирылахәып иаҿлымҳау аганқәа зегьы.  Ҳара апрогресс ҳаур ҳҭахуп, аграфик ҳаҧысуеит. Сара еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит,  абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.