Иракли Ҕарибашвили EBRD адиректорцәа рхеилак алахәылацәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили EBRD адиректорцәа рхеилак алахәылацәа дырҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыреи EBRD-и рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи абанк ацхыраарала аҳәынҭқарратәии ахатәы асекторқәа рҿы имҩаҧысуа акрызҵазкәа апроектқәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк Қырҭтәыла имҩаҧнагахьеит 283 апроектқәа, зынӡа урҭ ирзоушьҭын 5 миллиард евро.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәылаҿы аҧыжәара змоу аусхкқәа аҧара рзоушьҭра аганахьала, EBRD атәыла аекономика аҿиараҿы хәы змам алагала ҟанаҵоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ҳаҧхьаҟагьы қәҿиарала аусеицура нарыгӡап ҳәа игәыҕуеит.
Аиҧылара алахәылацәа атәылаҿ имҩаҧысуа аструктуратә реформақәеи адемократиатә аҿиара апроцессаҿ иҟоу апрогресси иазааҭгылеит.
Ишазгәаҭаз ала, ауадаҩрақәа шырацәоугьы, Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика алҵшәа бзиа ахылҵын, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылаҿ ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟоуп. Иара убас, хшыҩзышьҭра рызун аконкреттә арбагақәа, ҷыдала иалкаан атуризм ахырхарҭала иҟоу атенденциа бзиақәа.