Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женева имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд инамаданы аҳәамҭа аланарҵәоит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женева имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд инамаданы аҳәамҭа аланарҵәоит.
«2024 шықәса абҵара 5-6 рзы Женева имҩаԥысит ажәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд, аиҿцәажәарақәа иалахәуз Қырҭтәылатәи аделегациа дахагылан Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа.
Аиҿцәажәарақәа мҩаԥган Евроеидгылеи, ЕАР-и, OSCE-и рхантәаҩраа, аиҿцәажәарақәа рхы аладырхәит Қырҭтәылеи, Урыстәылатәи Афедерациеи, ЕАШ-и рхаҭарнакцәа.
Аиҿцәажәарақәа рраунд рхы аладырхәит иара убас Аԥсны автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Леван Мгалоблишвили, ԥыхьатәи Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә округ атерриториаҿы иҟоу аамҭалатәи административтә-территориалтә еидкыла администрациа аиҳабы Ҭамаз Бестаев, иара убас Цхинвалии Аҟәеи иҟоу аурыс ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәаҩцәа ррежим.
Аиԥылараҿы Қырҭтәылатәи аделегациа иаҵшьны иазгәарҭеит Европатәи Аидгыла абжьаҟазарала Урыстәыла иабжьанаҵаз 2008 шықәса нанҳәа 12 азы аибашьра аҟәыҵразы аиқәшаҳаҭра анагӡара шхымԥадатәиу, насгьы мчыла ихҵәаз ауааcыреи ахҵәацәеи рыҩнқәа рышҟа рырхынҳәра атемақәа Женева имҩаԥысраны иҟоу ажәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рпрограммаҿы ихадоу азҵаарақәа шреиу», -иануп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.