Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны адунеи алидерцәа раҳаҭыр аҟынтә Америка ахада Џьо Баидени иҧҳәыс Џьилл Баидени рыхьӡала имҩаҧгаз адкылара ихы алаирхәит
Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны адунеи алидерцәа раҳаҭыр аҟынтә Америка ахада Џьо Баидени иҧҳәыс Џьилл Баидени рыхьӡала имҩаҧгаз адкылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны,  адунеи алидерцәа раҳаҭыр аҟынтә Америка ахада Џьо Баидени иҧҳәыс Џьилл Баидени рыхьӡала имҩаҧгаз адкылара ихы алаирхәит.

Иахьа аиҳабыра рнапхгаҩы Ассамблеиа хада  77-тәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгра ззиуа Қырҭтәыла аделегациа Ниу-Иоркҟа идәықәлеит цәыббра 18 рзы. Аделегациа иалоуп адәныҟатәиа усқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьвелиӡеи.