Иракли Ҕарибашвили – Дедоҧлисҵҟаро  иадҳәаланы крызҵазкәа апланқәа ҳамоуп
Иракли Ҕарибашвили – Дедоҧлисҵҟаро  иадҳәаланы крызҵазкәа апланқәа ҳамоуп

Дедоҧлисҵҟаро  иадҳәаланы крызҵазкәа апланқәа ҳамоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Дедоҧлисҵҟаро ахада иҭыҧ азы акандидат Николоз Џьаниашвили ажәлар данрыдигалоз.

Аҭыҧантәи ауааҧсыра рҿаҧхьа данықәгылоз аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Афырхацәа рыхьӡ зху апарк хада аиҭашьақәыргылареи аӡылеиқәыршәара апроблема аӡбареи ргәы иҭоуп.

«Уажәазы ҳара апарк аиҭашьақәыргылара ҳалагоит. Абри апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Дедоҧлисҵҟаро агәҭанытә хәҭа аханатә иҳарҽеиуеит. Европатәи ақалақьқәа иреиҧшхаратәы иҟаҳҵоит. Ахадаратә ҵакы змоу азҵаара сазааҭгылар сҭахуп  — Дедоҧлисҵҟаро амуниципалитет кыршықәса рыҩнуҵҟа аӡылеиқәыршәара апроблема ӡбашьак аиуп ҳәа иазыҧшуп. Сара раҧхьаӡа акәны аҧыза министрс саныҟаз, абри апроект анагӡара ҳалагеит, аха, нас, ҳаангылеит. Уажәазы азыҟаҵаратә усурақәа иалагахьеит, атендер рылаҳәоуп, апроект иалаҳҵоит 60 миллион лари. Дедоҧлисҵҟарои абри амуниципалитет ақыҭақәеи уахгьы-ҽынгьы аӡы рымазаауеит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.