Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Чехиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ − Петр Кубернат диҧылеит.
Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Чехиеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикатә ҧыжәарақәа ианрылацәажәоз, иаҵшьны иазгәаҭан Чехиатәи ареспублика Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, европатәии евроатлантикатәии интеграциеи ишадгыло.
Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит акандидат астатус аиура атәылазы аҵакы ду шамоу, иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҽазышәарақәа Еврокомиссиа аҳасабырба ианыҧшып ҳәа дгәыҕуеит, Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵап ҳәа дгәыҕуеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара ахымҧадара, аҩ-ганк рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ари ахырхарҭала аусура иазыхиоуп.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара лхы алалырхәит Қырҭтәыла иҟоу Чехиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыҧуаҩ Иана Гашпарикова.