Иракли Ҕарибашвили Бриуссельҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили Бриуссельҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Бельгиатәи аҳрашҟа, Бриуссельҟа ддәықәлеит. 

Аиҳабыра ранпхгаҩы Еврокомиссиа еиҿнакааз афорум – „Аглобалтә агәашә 2023″ ихы алаирхәоит.

„Аглобалтә агәашә” – европатәи астратегиоуп, уи хықәкыс иамоуп аҧхьаӡацтәи, аенергетикатәи, атранспорттәи аусхкқәеи, иара убас, агәабзиарахьчареи, аҵареи,  адунеи зехьынџьара аҭҵааратә системақәа рырҕәҕәареи азы ишәарҭам аимадарақәа рырҭбаара. 

„Аглобалтә агәашә” ЕАР  2030 шықәсанӡатәи амш аусхәаҧштәи, иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәеи, Парижтәи аиқәшаҳаҭреи ирышьашәалоуп. Астратегиа хықәкыс иамоуп аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа аҧара рзоушьҭразы 300 миллиард евро аизгара. 

Атрансформациатә анырразы аинвестициақәа рхархәаразы хазхаҭалатәи асектор аидкылара амзызла, „Аглобалтә агәашә” иалахәып Евроеидгылеи, уи иалахәы атәылақәеи, иара убас, афинанстә институтқәеи аҿиара аинститутқәеи. 

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусуратә панель  − „Атранспорттә корридор” аҿы аҧыза−министр ажәахә ҟаиҵоит. 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афорум аҽалархәразы ааҧхьара илҭеит Еврокомиссиа ахада – Урсула фон дер Лаиен. 

Аҧыза-министр  инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган

Аиҳабыра реилатәара

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аиҳабыра рпресс-маҵзура адыррала, аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз  16 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Аекономика аминистрра ицәырнагаз аҧшатәи хҧеи аӡытәи хәбеи афымцатә станциақәа рпроектқәа, урҭ рынагӡара ргәы иҭоуп Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы, урҭ рыгәҭа  – Самцхе-Џьавахеҭи, Шида Қарҭли, Имереҭи.

Аиҳабыра реилатәараҿы ицәыргаз аенергетикатә проектқәа рымчхара 250 мегаватт еиҳауп, зынӡа арҭ апроектқәа ирыларҵоит  400 миллион адоллар еиҳаны аинвестициа.

Зыӡбахәы ҳәоу афымцатә станциақәа аҧара рылазҵо аинвестор-еилахәырақәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылоит, урҭ рышьаҭала апроектқәа ртехника-економикатә зҵаарақәа рыҭҵаареи аргыларатә усурақәеи иалагоит.