Иракли Ҕарибашвили Болгариатәи ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Болгариатәи ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Росен Желиазков диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Болгариеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Болгариа иахәаҧшуеит аиҩызаратә тәылеи игәрагоу апартниори аҳасабала.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Болгариа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Болгариа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгылареи, иара убас, – Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа амҩаҧгараҿы иҟаҵоу алагалеи азыҳәан.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, иҳараку аҩаӡараҟны иаҳа ирацәаны авизитқәа мҩаҧгатәуп. Аиҧылара алахәылацәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, ахәаахәҭреи аекономикеи – атәылақәа русеицураҿы ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәа иреиуп, избанзар, Болгариа Қырҭтәыла иреиҕьу ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа рҿы аинвестициатә усеицура арҭбаара иазыхиоуп.
Ишазгәаҭаз ала, Амшын еиқәа иаҧну атәылақәа раҳасабала, Болгариеи Қырҭтәылеи ирылшо зегьы ҟарҵароуп аусеицуразы иҟоу апотенциа ахархәара наӡа аиурц азыҳәан, ҷыдала, атранспорти аимадареи аусхкқәа рҿы.