Иракли Ҕарибашвили Бельгиатәи аҳра аҧыза-министр Алеқсандр де Кроо диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бельгиатәи аҳра аҧыза-министр Алеқсандр де Кроо диҧылеит. Аҧыза-министрцәа, зны ишиашо, анеҩс, ирҭбаау аформатаҿ еиҧылеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ҩ-ганктәии, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Бельгиатәи аҳреи рпартниортә еизыҟазаашьақәа. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Бельгиеи русеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәагьы ирылацәажәеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи, аинвестициақәеи, атуризми, аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи ахырхарҭала аусеицуреи.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵара иазкыз аҭоурыхтә аӡбара. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла 12 абжьагарақәа реиҳара инанагӡахьеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ашықәс анҵәамҭаз Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азгьы, иара убас, агеополитикатә контекст аҿгьы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп, уи атәылаҿ аполиаризациа армаҷра иацхраауеит.
Бельгиатәи аҳраҿ Қырҭтәыла аҧыза-министр ҩ-ганктәи ивизит мҩаҧысуеит Аҟазара жәларбжьаратәи афестиваль – „Европалиа – Қырҭтәыла“ апрограмма аӡыргараан. Сынтәатәи афестиваль Қырҭтәыла иазкуп, уи зеиҧшҟамлац алшароуп Европа аполитикатә центр аҿы Қырҭтәыла европатәи аҭоурыхи, амилаҭтә ҷыдарақәеи, акультуреи раарҧшразы. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, атәыла ашықәс анҵәамҭаз акандидат астатус анашьара иазыҧшуп, убри аҟынтә, „Европалиа – Қырҭтәыла“ аҵакы ҷыда амоуп.
Аҧыза-министрцәа реиҧылара ашьҭахь, аганқәа рхаҭарнакцәа рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Бельгиатәи аҳра афедералтә аҳәынҭқарратә маҵзура адәныҟатәи аусқәеи, адәныҟатәи ахәаахәҭреи, аҿиареи азы аусеицура аминистррақәеи рыбжьара аусеицура иазку аилыбакаара амеморандум.