Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азиатәи Аҿиара абанк (ADB) ахада Масацугу Асакава диҧылеит, иара Қарҭ даҭааит Ацентртә Азиа арегионалтә економикатә усеицура (CAREC) афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Азиатәи Аҿиара абанки русеицура иалацәажәеит, ҷыдала ирзааҭгылеит еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абанк уажәтәи апортфель шьақәгылоуп 1,9 миллиард адоллар иаҧсоу 18 инвестициақәа рыла. Анеизакны, ADB апортфель 4.5 миллиард адоллар иаҟароуп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ари ацхыраара иҳаракны ахә ршьоит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿ иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьеи, афискалтәи абиуџьеттәи параметрқәеи ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, атәыла аекономикатә азҳара 2023 шықәсатәи арбага инақәыршәаны уажәазы иҟоу адинамика бзиа хымҧада ихьчатәуп. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аекономикатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп хазхаҭалатәи асектор арҕәҕәара азҵаара, ари апроцессаҿ Азиатәи Аҿиара абанк ароль хада нанагӡоит.
Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҧара рацәа аларҵоит, уи абизнес аҟаҵара армариареи, иара убас, аинфраструктуратә проектқәа рымҩаҧгареи иацхраауеит. Абри зегьы абзоурала, атәыла, атранзиттәи, алогистикатәи, атуристтәи, абизнестәи арегионалтә центрс ашьақәгыларазы иаҳа алшарақәа аиуеит.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, 2024 шықәсазы Азиатәи Аҿиара абанк есышықәсатәи аиҧыларақәа Қырҭтәыла имҩаҧысуеит, уи ҳтәылазы аҵакы ду амоуп.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Азиатәи Аҿиара абанк анагӡаратә директор, адиректорцәа рхеилак алахәыла Реичел Томпсони, Азиатәи Аҿиара абанк Ацентртәи Мраҭашәаратәи Азиа адепартамент агенералтә директор Иуџьин Жукови, Қырҭтәыла иҟоу Азиатәи Аҿиара абанк еснагьтәи ахаҭарнакра адиректор Лесли Бермен Лами, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.