Агәабзиарахьчара асектор арҕәҕәара амзызла,  2024 шықәсазы Қырҭтәыла ADB аҟынтә  23.2 миллион евро аиуеит

Қырҭтәылеи Азиатәи Аҿиара абанки  (ADB) агәабзиарахьчара асектор арҕәҕәара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсахтә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Адокумент рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, Қырҭтәыла иҟоу Азиатәи Аҿиара Абанк  еснагьтәи  ахаҭарнакра адиректор Лесли Беарман Лами.

Зынӡа абанк ақырҭуа аган ирзоунажьҭуеит  46,275,000 евро афинанстә ресурс. Аҧсахтә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,   2024 шықәсазы Қырҭтәыла  аиуеит раҧхьатәи атранш  – 23,137,500 евро, аҩбатәи атранш аиураны иҟоуп  2025 шықәсазы.

Афинансқәа рминистрра аинформациа ишану ала, апрограммала иазҧхьагәаҭоуп раҧхьатәи агәабзиарахьчареи, амбулаториатә хылаҧшра ҷыдеи, адиагностикатә сервисқәеи  рзы ауааҧсыра ирымоу азинҷыдақәа реизырҳареи, амаҵзура аиҕьтәреи, аҧхьаӡацтә информациатә системақәа реиҕьтәреи, анапхгараҭара аиҕьтәреи, имҩаҧгоу амаҵзура ахаҭабзиара аҳасабырбареи.